Аҟәатәи а-10-тәи ашкол аҿы иазгәарҭеит аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш

0
535


            
            Аҟәатәи а-10-тәи ашкол аҿы иазгәарҭеит аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш

Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны Ашьхарыуаа рышкол ашҭаҿы имҩаҧысит агәырӷьаратә цәаҳәа.

Аҵаҩцәа агәалашәаратә рыцхә рыдиныҳәаларц уахь днеит аибашьра аветеран, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе.

Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә аҧсуа школ, ижәытәӡатәиу Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш азгәаҭара ҷыдала иазнеит — ашкол уахьыныҩналоу иӡыргоуп аиҳабыратә классқәа идырхиаз аҭӡы газеҭқәа, аҵараиурҭа ашҭаҿы агәырӷьаратә цәаҳәа мҩаҧыргеит.

Ашкол аиҳабы лхаҭыҧуаҩ Инга Конџьариа-ҧҳа ахәыҷқәа иргәалалыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазтәи акры зҵазкуаз арыцхәқәеи Аҟәа ахақәиҭтәра зыбзоурахаз ихадоу ажәылареи ртәқәа.

56-ҩык Ашьхарыуаа рышкол аушьҭымҭацәа Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахеит. Урҭ ргәалашәара наунагӡатәразы изылгаз ашкол классцыҧхьаӡа рыхьӡқәа ахырҵеит.

Аҵаҩцәа аибашьра иазкыз ажәеинраалақәа ирыҧхьеит. Аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара зҵо аҷкәынцәа арратә маҵзура иахьанӡазыҟаҵоу рҟазара аадырҧшит.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  С 7 ноября до 8 ноября

Уамыргәырӷьарц залшом изызҳауа абиҧара иахьырдыруа, иахьыргәалашәо рҭааацәарақәа рҿы еибашьуаз рыхьӡқәеи урҭ рҭоурыхқәеи.

Аибашьра аветеран, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе еизаз ирыдиныҳәалеит аҳҭнықәалақь ахақәиҭтәра амш.

Агәымшәаразы амедал занашьоу аветеран Автандил Сурманиӡе деибашьуан Мрагыларахьтәи афронт агәыҧ «Каскад» аҿы. Иҳәоит, Аҟәа ахы ианықәитәыртә ашьҭахь сентиабр 27 инаркны сентиабр 30-нӡа аҧсуаа рзы аиааира мшқәоуп ҳәа.

Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩцәа рыбжьара иҟоуп имаҷымкәа аветеранцәа – аибашьра аан бџьарла ирыхьчозҭгьы еиҵагылоу аҿар, иахьа аҭынч ҧсҭазаараҿы адыррақәа рыла еиқәных аихьӡарақәа роурц азы аҵара иалдыргоит раушьҭымҭацәа.


Источник: www.sukhumcity.ru