Аҟәа имҩаҧысит акциа «Ицқьоу ақалақь»

0
594


            
            Аҟәа имҩаҧысит акциа «Ицқьоу ақалақь»

Иахьа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иаҧшьгарала имҩаҧысит «Ицқьоу ақалақь» захьӡу акциа.

Акциа рхы аладырхәит ақалақь администрациа аусзуҩцәа, администрациа иаҵанакуа аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, убас Аҟәа иҟоу аминистррақәеи анаплакқәеи русзуҩцәа, акциа алахәхара иахәҭаны изыҧхьаӡаз ақалақь ауааҧсыра.

Аҟәа ахадара аусзуҩцәа агәам-сам ықәыргон амшын аҧшаҳәаҿы. Уи рхы аладырхәит еилыхра ҟамҵакәа зегьы – ақалақь ахада, уи ихаҭыҧуаа, администрациа аусзуҩцәа. Аусурақәа ихы рылаирхәит атехникатә инвентаризациа аҟәшаҿы 1964 ш. раахыс аус зуа Лев Давид-иҧа Малиагьы, иара 81 ш. ихыҵуеит.

Ақалақь арыцқьарахь иҭыҵыз ауааҧсыра ақалақь аҟынтәи иаҭаху амаругақәа рырҭон – анапҭарҧақәа, агәам-сам ахьеизырго ааҵәақәа, аҳәҳәҳагақәа, уҳәа егьырҭгьы.

Иахьа Аҟәа араионқәа зегьы рҿы аус руан администрациа иаҵанакуа аусбарҭақәа – Араион Ҿыц, Ажәытә ҳабла, Маиак, Турбаза, Синоп уҳәа.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Астамур Гуния: люди доверяют нам свою жизнь, но не верят, когда мы говорим, что надо прививаться (видео)

Аҟәа ақалақь ахадара иҭабуп ҳәа рарҳәоит акциа зхы алазырхәыз зегьы, агәра ргоит аҧхьаҟагьы ақалақь ацҟьаразы ахылаҧшра шарҭало.


Источник: www.sukhumcity.ru