Ноиабр 10 инаркны ауаажәларратә транспорт Аидгылара амҩаду ала иныҟәалоит

0
851


            
            Ноиабр 10 инаркны ауаажәларратә транспорт Аидгылара амҩаду ала иныҟәалоит

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Ашәба ақалақь аҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәараҿы аҿыцрақәа алагалара иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит.

Асҭамыр Ашәба дазҵаауан ақалақь аусбарҭақәеи  Аҳәынҭавтоинспекциа Аҟәатәи аҟәшеи ауаажәларратә транспорт амаршрут ҿыц алагалара иахьынӡазхиоу. Дара ирҳәеит уаҵәы атранспорт Аидгылара амҩаду ала ашьҭра ишазхиоу. Ноиабр 10 инаркны Араион ҿыц ахь ицо автобусқәеи амаршруттә таксиқәеи раангыларҭа ҟалоит аклиникатә хәшәтәырҭа аҿаҧхьа иҟоу аангыларҭаҿы. Араион ҿыц ахь ицо ауаа уаҟа ирылшоит атранспорт иақәтәарц. Аидгылара амҩаду аҿы аангыларҭа ҟалаӡом. Ноиабр 11 инаркны аныҟәара иалагоит атроллеибусқәагьы.

Аҟәа ахада иусҧҟала ноиабр 1 инаркны Аидгылара амҩаду аҿы, Лакоба имҩаду инаркны Арӡынба имҩаду аҟынӡа ганкахьала атранспорт рныҟәара еиҿкаауп. Уи ҟаҵан ари амҩаду ала ауаажәларратә транспорт ахьыбжьало азы. Уаанӡа атроллеибусқәеи, автобусқәеи, амаршруттә таксиқәеи Араион ҿыц ахь изланыҟәоз Абазақәа рымҩаду аҿы акоммуникациатә цәаҳәақәа рыҧсахразы аусурақәа цоит. Урҭ ҧшьымз инарзынаҧшуа ирыдхалар ауеит.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Беслан Эшба подписал распоряжение об организации на базе городской больницы пункта забора биоматериалов на наличие COVID-19


Источник: www.sukhumcity.ru