Беслан Ешба ахәшәтәырҭақәа русуразы: ауаа рхала ирмыӡбалар ауп иахьцатәу, иҟаҵатәу (+авидео)

0
945


            
            Беслан Ешба ахәшәтәырҭақәа русуразы: ауаа рхала ирмыӡбалар ауп иахьцатәу, иҟаҵатәу (+авидео)

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба акоронавирус аҽацәыхьчара иазку аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аҭагылазаашьа уадаҩуп, аха зынӡа ишәарҭам, иҳәеит Беслан Ешба. Иара иазгәеиҭеит ақалақь аҿы инхо ргәаанагарала, иҟоу аҭагылазаашьаҿы ахәшәтәырҭақәа русураҿы аиҧҟьарақәа шыҟоу, убас атестқәа рыҟаҵара азҵаараҿгьы. Беслан Ешба игәаанагарала, ахәшәтәырҭақәа русура убас ишьақәыргылатәуп, ацхыраара зҭаху ианаамҭоу ишахәҭоу ирырҭартә еиҧш, ауаа рхала ирмыӡбаларц иахьцатәу, иҟаҵатәу.

Иахьазы Аҟәатәи актәи аполиклиника ачымазцәа рыдкылара анаҩсгьы, дара ҭелла аконсультациа рырҭоит. Убас, иаҭахны иҟазар, рыҩныҟа ицоит анализқәа ргаразы, мамзаргьы ахәшәтәырҭахь рнагаразы.

Мышқәак рышьҭахь Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭа ачымазцәа рыдкылара иалагоит акарантин ашьҭахь. Араҟа уажәы ПЦР-атестқәа иҟарҵо ииаргоит аинфекциатә хәышәтәырҭахь. Уи аадыртуеит сентибар 18 рзы.

Аҟәа ақалақь ахада иҳәеит иара аҳақьымцәа рхаҭақәагьы ачымазара рхы ацәырыхьчар шакәу, апроблема еиҭах ицәырымҵырц азы, иҳәеит уи дшахылаҧшло.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Состоялось очередное заседание Сухумского городского собрания

Аиҧылараҿы иалацәажәан ашколқәа русурагьы. Иазгәаҭан аковид зыхьуа рааигәара ҳгылан ҳәа ҽыҵгас иҟаҵаны арҵаҩцәак русура ааныжьны аҩны иштәоу, убри аан дара аҵаҩцәа шрыдыркыло. Аҟәа ақалақь аҵарадырра усбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл уи ахылаҧшра алҭарц лыдҵан.

Беслан Ешба игәаанагарала, Аҟәа еиҿкаатәуп ахәшәтәырҭақәа зегьы русура ҳәаақәызҵо, уи ахылаҧшра азҭо ацентр.


Источник: www.sukhumcity.ru