Беслан Ешба: ачымазцәа хылаҧшрада иаанымхар ауп (авидео)

0
855


            
            Беслан Ешба: ачымазцәа хылаҧшрада иаанымхар ауп (авидео)

Аҟәа ақалақь ахәшәтәырҭақәа русура шеиҿкаау, ачымазцәа азҿлымҳара ахьынӡарымо, ақалақь ахадара аҟынтәи ахәшәтәырҭақәа ацхыраара ахьырҭаху – абарҭ азҵаарақәа ықәыргылан Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаҧигаз аилацәажәараҿы.

Аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас иарҭаз Асҭамыр Гәыниа иҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рацәоуп. Аусура еиҿкаатәуп ачымазцәа ианаамҭо иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы.

Асҭамыр Гуниа иҳәеит иахьазы ахәшәтәырҭа ачымазцәа рыла ишҭәу, зынӡа згәабзиара уашәшәырахаз гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ишиарго. Иара иажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа хәшәыла еиқәшәоуп, ишьҭоу рху бзиан идырхиоит. Убри аан ирыгуп амедперсонал – асанитарцәа маҷуп, ирымаӡам ачымазцәа рахь иҩналан ианыҩныҵуа адезинфекциа рзыҟазҵо.

Беслан Ешба иҳәеит ачымазара змоу ауаа рызнеишьа зегь реиҳа ишыхадоу, урҭ хылаҧшрада иаанымхар шаку.


Источник: www.sukhumcity.ru

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Что делать при подозрении на коронавирус? (видео)