Беслан Ешба Аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵаз ақәҵара анагӡаразы аилацәажәара мҩаҧигеит (авидео)

0
677


            
            Беслан Ешба Аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵаз ақәҵара анагӡаразы аилацәажәара мҩаҧигеит (авидео)

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаҧигеит Аҳәынҭқарра ахада аковид чымазара иазкны иҟаиҵаз ақәҵара анагӡаразы аилацәажәара.

Уи иалахәын Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада, Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа Аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа.

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит аџьармыкьақәеи, акрыфарҭақәеи, атранспорти русура атәы.

Аҳәынҭқарра ахада иусҧҟала, ауаажәларратә крыфарҭақәа русура аанкылазар ауп иахьа инаркны, аџьармыкьақәа ракәзар, русура шьақәдыргылоит аҭыҧантәи ахадара ишырыӡбо ала.

Аҟәа ақалақь ахада иҳәеит аџьармыкьа хадеи ахәҳахәҭратә ҩны «Сухумприбори» аус шыруло мчыбжьык ахь ҩынтә еивыганы. Аџьармыкьа хада аус аулоит аҧшьашеи асабшеи, «Сухумприбор» — аҩашеи амҽышеи.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит уаанӡа иҟаз асанитартә ҧҟарақәа ирықәныҟәоз шмаҷыз, аха уажәшьҭа иҟоу аҭагылазаашьа баны, уи ахылаҧшра ӷәӷәуа шаҭахо.

Атранспорт аныҟәара акәзар, уаҟагьы ахылаҧшра арҭаларц реиҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа Аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа. Урҭ ацхыраара рырҭалоит Администрациа аусзуҩцәагьы. Ақалақь ахада иҳәеит иара ихаҭеи ихаҭыҧуааи ареидқәа рхы шрыладырхәуа. Инаҵшьны иазгәеиҭеит уажәшьҭарнахыс  асанитартә нормақәа ирықәымныҟәо аусура азин шрымырхуа.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Астамур Гуния: инкубационный период COVID-19 сократился, больные быстро стали тяжелеть

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҳәеит ауааҧсыра рхаҭа иҟоу аҭагылазаашьа гәаҭаны, аҭакҧхықәра аадырҧшыр шакуу.


Источник: www.sukhumcity.ru