Аҟәа аҳабла ҿыц имҩаҧысит жәларбжьаратәи акциа «Ицқьоу амш» (авидео)

0
594


            
            Аҟәа аҳабла ҿыц имҩаҧысит жәларбжьаратәи акциа «Ицқьоу амш» (авидео)

Аҟәа аҳабла ҿыц имҩаҧысит жәларбжьаратәи акциа «Ицқьоу амш» аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩбатәи аусмҩаҧгатә.

Уи аиҿкааҩцәа акультуреи, аспорти, аҧшӡареи Амилаҭтә ассоциациа адгылара рырҭеит Аҟәа ақалақь ахадара.

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысыз актәи акциа «Ицқьоу амш» алахәылацәа Аҳабла ҿыц инхо рахь ааҧхьара ҟарҵеит ирымардарц аҳҭнықалақь арыцқьаразы ихацдыркыз аус. Аҳабла ҿыцуаа рҽеидыркылан Аргәын амҩаду аҿы игылоу иҭахаз аибашьцәа рбаҟа акәша-мыкәша иахьаҵанакуа аилыргара нап адыркит. Уи адагьы аҩнеихагылақәа рышҭаҿы иҟоу ахәыҷы хәмарырҭақәа рҭыҧ рыҧссеит. 

Ԥхьаҟа Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аусуҩцәа ргәы иҭоуп абаҟа ахьгылоу акәша-мыкәша аҵлақәа реиҭаҳара, асқамқәа рыргылара.


Источник: www.sukhumcity.ru

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Мактина Лакербая: за небольшой временной отрезок в Инфекционной больнице Сухума создан мощный механизм