Аҟәа ақалақь ахада аӡиас Аӡаҧшь аҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит (авидео)

0
899


            
            Аҟәа ақалақь ахада аӡиас Аӡаҧшь аҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит (авидео)

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аӡиас Аӡаҧшь аҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит.

Аӡиас Аӡаҧшь ҭагалани, ааҧынреи рзы ақәаршҩы анауа ааигәа-сигәа инхо ауаа апроблема рызцәырнагоит. Иара хыҵны изныкымкәа ирыҵалахьеит, аҧхасҭа ӷәӷәа рнаҭоит. Ари апроблема аӡбара  ақалақь аусбарҭақәа рҽазыршәахьеит, аха азҵаара ӡбамкәа иахьанӡа иаанхеит. Аигәа араҟа инхо даҽазнык ақалақь ахадарахь ааҧхьара ҟарҵеит рпроблема аӡбара иадгыларц. 

Аҟәа ақалақь аусбарҭақәа араҟа аусурақәа мҩаҧыргоит ҩымчыбжь инарзынаҧшуа. Атехника ҷыдала ирыцқьоуп аӡиас иахиааны иҟаз аҵлақәа, иқәгоуп агәам-сам.

Беслан Ешба иҳәеит иахьазы имҩаҧырго аусурақәха шықәсыбжак, ма шықәсык акәымкәа, акыр шықәса инеиртә иҟарҵарц.

Аҭыҧантәи ауааҧсыра егьараантә ирҳәахьазаргьы, абыржәы рпроблема шырыӡбо азы агәыӷра аадырҧшит.


Источник: www.sukhumcity.ru

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Беслан Эшба поздравил Посла России Алексея Двинянина с днем рождения