Аҟәатәи арҵаҩцәа акарантин аамҭазы аҵаҩцәеи дареи аимадара рымоуп

0
958


            
            Аҟәатәи арҵаҩцәа акарантин аамҭазы аҵаҩцәеи дареи аимадара рымоуп

Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа имҩаҧнагеит ашколқәа рнаҧхгареи Аҵара аусбарҭа аиҳаби аспециалист-хадацәеи злахәыз онлаин аилацәажәара.

Аилацәажәара хацыркын А.С. Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 ахыбраҿы.

Аилацәажәара зҵаара хаданы иазықәгылан аҳәынҭқарраҿы иҟоу аепидемиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны арҵаратә процесс аанкылара ашьҭахь арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи реимадара ахьынӡазалшо, насгьы акарантин ашьҭахь ашколқәа рҿы арҵара апроцесс аиҿкааразы.

Аилацәажәара иалахәыз иазгәарҭеит акарантин аамҭазы арҵаҩцәа ишрылшо ала аҵаҩцәеи дареи аҽеимадара шрымоу: ирзеиҭарҳәоит атема ҿыц, иддырбоит аҳасабшьа, ирырҭоит аҩныҟатәи адҵақәа, идыриашоит урҭ адҵақәа, убас иҵегь. Егьа ус иҟазаргьы, уи зылшо арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы даара имаҷуп, еиҳараҩык техникала еиқәшәам.  

Акарантин ашьҭахь арҵара апроцесс аиҿкааразы иазааҭгылеит вариантк. Уи ишахәҭоу аус адуланы ирыдгалахоит аиҳабыра, аанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Администрация города просит граждан воздержаться от посещения мест массового скопления людей

Источник: www.sukhumcity.ru