Аҟәа ахада дырҭааит Аҟәатәи аклиникатә хәшәтәырҭеи аинфекциатә хәшәтәырҭеи (видео)

0
901


            
            Аҟәа ахада дырҭааит Аҟәатәи аклиникатә хәшәтәырҭеи аинфекциатә хәшәтәырҭеи (видео)

Аҟәатәи аклиникатә хәшәтәырҭаҿы акоронавирус зыхьуа ачымазцәа ахьрыдыркыло аҟәша аремонт хдыркәшеит. Ахәшәтәырҭа аиҳабы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ас еиҧш аремонт ахьыҟарҵаз.

Виачеслав Абыхәба иажәақәа рыла, дара ироуит ачымазцәа аобсервациа иахьахрыжьуа аҭыҧ, уи иабзоураны егьырҭ ачымазцәеи аперсонали дареи еиқәымшәо иҟалоит.

Ақалақь ахада иҳәеит иахьаҭаху амебель ҿыц аахәара иазхәыцырц, иаанхаз аусурақәа иаарласны ихдыркәшарц. Беслан Ешба дазҿлымҳан аелектрикатә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа. Иреиҳәеит адәахьгьы урҭ ацәаҳәақәа рыҧсахырц.

Аремонт иаҿу «Аҟәаргылара» аиҳабы Асҭамыр Ԥиҧиа иҳәеит хәымш рыҩныҵҟа иаанхаз аусурақәа ишрылго атәы.

Беслан Ешба ахәшәтәырҭа аперсонал иреиҳәеит рхы рыхьчаларц, иҟоу аамҭазы  дара ишрықәгәыӷуа.

Ақалақь ахада днеины игәеиҭеит адкыларҭа аҭагылазаашьагьы. Аҳақьым хада еиҳәеит араҟа аремонт аҟаҵара иалагар, аамҭала адкыларҭа аиагара ахьрылшо атәы иазхәыцырц.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  На набережной Диоскуров прошла встреча молодых поэтов

Анаҩс Беслан Ешба днеит аинфекциатә хәшәтәырҭахь, дазҵаауан русушьа шеиқәыршәо, ирҭаху атәы.

Аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа иҳәеит 35-ҩык шышьҭоу, хәҩык ылырҩаауеит, хҩык рҭагылазаашьа бааҧсуп. Ақалақь ахада дазҵаауан ахәшәқәа ртәы. Асҭамыр Гәниа иҳәеит аковид ахәшәтәразы ирҭахәы зегьы шрымоу, егьырҭ ачымазара змоу рзгьы ирҭаху рырҭоит.

Араҟа ишьҭоуп аинфаркти аинсульти рышьҭахь аковид зыхьыз. Иҳәеит ианаҭаххо арахь ишааиуа егьырҭ ахәшәтәырҭақәа рҟынтәи аҳақьымцәагьы. Ахәшәтәырҭаҿы ирызхаӡом ареанимотологцәа убас ирҭахуп амедиаҳәшьцәа.

Асҭамыр Гәниа иҳәеит ачымазцәа ироуа ахәышәтра акомпиутертә база аҭагалара шаларгало. Уи аҳақьымцәа рус арманшәалоит. Ахәшәтәырҭақәа рахь ианыдҵаалалак, рыхьӡ ананырҵалак, иаацәырҵлоит изхысхьоу ахәшәтәра, ирыдыркылоз ахәшәқәа.

Ақалақь ахада уи ибзиоу усуп ҳәа реиҳәеит.


Источник: www.sukhumcity.ru

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Река Басла вновь вышла из берегов