Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа апандемиа аамҭазы аҵаратә процесс аиҿкааразы аметодологиа азнархиеит

0
989


            
            Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа апандемиа аамҭазы аҵаратә процесс аиҿкааразы аметодологиа азнархиеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи ақалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыли реиҧылараан иалацәажәан ашколқәа рҿы аҧхьаҟа аҵара апроцесс алахьынҵа, акарантин аамҭа иалагӡаны аҵара аусбарҭаҿы имҩаҧыргаз аилацәажәарақәа рлыҵшәа.

Аҟәа ақалақь ахада идҵала апандемиа аамҭазы ашколқәа русура аиҿкааразы Аҵара аусбарҭаҿы аметодика еиқәдыршәеит. Беслан Ешба дазҿлымҳан, аҵара апроцесс акарантин ананыҵәалак мамзаргьы уи иацҵахозар ишазхиоу атәы.

Ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл илҳәеит арҵаҩцәа русура шаанырымкыло, аҵаҩцәеи дареи аимадара шрыбжьоу.

Асҭанда Ҭаркьыл илҳәеит аҵара апроцесс фымш рыла ашьақәыргылара шрыдыргало. Ашәахьа, аҩаша, ахаша ашколқәа рахь иныҟәаларц рыдыргалоит аиҳабыратә классқәа, егьи хымш – аиҵбыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо. Ашкол аҿы аҵара анырымҵо  амшқәа рзы аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи онлаинла рҽеимардоит, аҩны адҵақәа ҟарҵалоит.

Аҵара аусбарҭа аиҳабы илҳәеит иахьазгьы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи еиуеиҧшым апрограммақәа рыла ишеимадоу. Зегь раҧхьаӡа уи иалахәуп амедаль ала иалгоит ҳәа ирыҧхьаӡо ашколхәыҷқәа – урҭ 21-ҩык ыҟоуп. Урҭ аимадарақәа рыҽрыладырхәуеит егьырҭ аҵаҩцәагьы. Зынӡа 40 процент инарзынаҧшуа иахьазы онлаин ҳасабала аҵара апроцесс иалахәуп.

Асҭанда Ҭаркьыл илҳәеит техникала зегьы шеиқәшәам онлаин-ҵара азы, аха уи ахь аиасра шаҭаху. Уаанӡа мап ацәызкуаз арҵаҩцәагьы, аҭагылазаашьа шыҟоу ала, уи ада ҧсыхәа шыҟам рбоит.

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  В Сухуме установлены 10 новых пожарных гидрантов

Аҵара аусбарҭа аиҳабы убас иазгәалҭеит иаҳарак агуманитартә маҭәарқәа он-лаин ашколхәыҷқәа рыдгалара шымариоу, аха аматематикеи, ахимиеи, афизикеи реиҧш иҟо амаҭәарқәа ашкол аҿы ирзеиҭарҳәалар еиҳа ишеиӷьу.

Беслан Ешба Асҭанда Ҭаркьыл иҭабуп ҳәа леиҳәеит аҵара аусбарҭеи арҵаҩцәеи имаҩҧыргаз аусуразы. Иазгәеиҭеит рметодологиа аиҳабыра рҟынӡа ишнеиго.

«Шәара шәметод иабзоураны ахәыҷқәа ашкол аҿы рыҟазаара аамҭа ркьаҿхоит, аха уи иаанагаӡом дара егьырҭ амшқәа рзы ҵарада иаанхоит ҳәа. Аматериал ҿыц ашкол аҿы ирзеиҭарҳәалоит, анаҩс аҩны аҵара рҵалоит. Уи арҵаратә процесс аҧырхага ду анаҭаӡом», — иҳәеит Беслан Ешба.

Асҭанда Ҭаркьыл илҳәеит аидеиа шрызцәырҵыз аҵаратә процесс иадрыҧхьаларц апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи. Урҭ рлеикциақәагьы онлаин-амҩаҧгара иазхәыцуеит. Ақалақь ахада иазгәеиҭеит аидеиа шыбзиоу, еиуеиҧшым алекциақәа ашколхәыҷқәа рызнагаразы ателехәаҧшрақәагьы адгылара рырҭар шауа. 

ЧИТАТЬ ТАКЖЕ:  Масштабный стрит-арт будет нанесен на стену напротив 10-ой средней школы в Сухуме

Беслан Ешба иҳәеит ашықәс нҵәаанӡа ашколқәа рҿы аҵара процесс уаҩҵас ашьақәыргыларазы ирылшо зегьы шыҟаҵатәу.


Источник: www.sukhumcity.ru